Ҭырқәтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы адгьылҵысра ҟалеит

Иахьа ашьыжь Ҭырқәтәылатәи ақалақьқәа Вани Ерджиши рҟны 4,7 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра азгәаҭан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Ҭырқәтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы 4,7 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Европа-Амшынбжьаратә сеисмологиатә центр (EMSC).

Адгьылҵысра аепицентр 20 километра ақалақь Ерджиш иацәыхараны 48 километр ақалақь Ван иацәыхараны иҟалеит. Иара ахы акит 13 километр адгьыл аҵаҿы.

Иҭахази арбгарақәеи рзы аинформациа ыҟам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: