Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аԥсыҭбарақәа ацуп

© AFP 2023 / LOUISA GOULIAMAKIҬырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аԥсыҭбарақәа ацуп
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аԥсыҭбарақәа ацуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
5,7 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит амҽыша, жәабран 23 рзы ашьыжь Ҭырқәтәылеи Ирани рҳәаа иахьаҵанакуа аҵакыраҿы.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аԥсыҭбарақәа ацуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соил иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"5,7 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит амҽыша ашьыжь Ҭырқәтәылеи Ирани рҳәааҿы. Ирантәи апровинциа Ван аҿы быжьҩык ауаа ҭахеит, урҭ рахьтә хҩык хәыҷқәоуп. Хәҩык ахәрақәа роуит", - ҳәа реиҳәеит иара ажурналистцәа.

Европатәи асеисмологиатә центр (EMSC) адыррақәа рыла, амагнитуда 5,7 иҟан. Аепицентр ирантәи ақалақь Тебриз 141 километр иацәыхаран, ҭырқәтәылатәи ақалақь Озалп 71 километр иацәхыкын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0