Арадио

Хәарҵкьиа еиҭеиҳәеит Ҩада Ешыра анхацәа рыбзазашьа атәы

Аҟәа араион Ҩада Ешыра ақыҭа ахада Наҭбеи Хәарҵкьиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы  еиҭеиҳәеит ақыҭа иахьатәи абзазашьа атәы.
Sputnik
Хәарҵкьиа еиҭеиҳәеит Ҩада Ешыра анхацәа рыбзазашьа атәы

"Аҩадатәи Ешыра ақыҭа 520 ҭӡы раҟара ыҟоуп, аиҳараҩык атәым милаҭ ҳаланхоит, аԥсуаа 40 ҭӡы ҳауп иҟоу. Ҳамҩақәа рҭагылазаашьа цәӷьам, џьара-џьара хәыҷык аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥгатәу ыҟоуп, афымцалашара атәы ҳҳәозар, абетонтә шьаҟақәа ааганы ишьҭоуп, аӡы аганахьала уадаҩра ҳамаӡам ҩышықәса раахыижьҭеи.

Ақыҭаҟны атехника ҳамоуп амхы лазҵар зҭаху рзы. Анышәаԥшь ахьыҟоу 7-8 ҭӡы ирцәаӷәахьеит. Ҳадгьылқәа ахьымчу ыҟоуп, ԥхынгәымзазгьы илоуҵар еихьӡоит, аха уадаҩрас иҟоу абылтәы ахә ззышьҭымхуа ыҟоуп. Арахә змоу аҟашәазы мхык ларҵоит акәымзар, аџьықәреи аахәара иаҳа ирзыманшәалоуп", - иҳәеит Хәарцқьиа. 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: