Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Лашькындар иахьа абзазашьа зеиԥшроу атәы

© Foto / предоставлено Юрием ЦвижбаИура Ҵәыџьба
Иура Ҵәыџьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭа ахада Иура Ҵәыџьба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа иахьатәи абзазашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҵәыџьба Лашькьындар абзазашьа иазкны

"Иахьа ақыҭаҟны 78 ҭӡы шәҟәыла иҭагалоуп, иқәынхоит 52 ҭаацәара. Ауадаҩрақәа ртәы ҳҳәозар, ҳқыҭақәа зегьы еицырзеиԥшу роуп, еиқәҿырҭуеит. Аибашьра иаҳнаҭаз ааха иахьа уажәраанӡа иахьҳазмыриашаз рацәоуп, аха сгәаанагарала, хәыҷы-хәыҷ урҭ азҵаарақәагьы ҳасаб роуп. Аибашьра анаҩс ақыҭаҟны ачаи аплантациақәа аҷкәынцәа аус адырулон, аха еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны хәбаҟа шықәса ҵуеит уи аус аанкылоуижьҭеи. 2012 шықәсазы ақыҭа иадҳәалаз акомплекстә программа ала еиҿкаан 15 гектар ашәырааӡарҭа ҭыԥ. Уи еиднакылон жәабаҟа ҭаацәара, уалафахәыла еиқәыршәан, аус адырулон. Иахьазы уи амаҵ адызуло аӡәык-ҩыџьак роуп инхаз.
Афымцацәаҳәақәа иаҳараку авольт змоу рганахьала уадаҩра ыҟаӡам, аха анхацәа рыҩнаҭақәа рахь инеиуа рҭагылазаашьа цәгьоуп, избанзар абна иахьылсуа, ахәы иахьықәсуа, џьара-џьара ашьаҟа аҭыԥан ҵлак иахьадҳәалоу ыҟоуп. Убасгьы аӡымҩангагақәа ажәхьеит, асовет аамҭазы иҟарҵахьаз роуп. Адгьыл ҩыџьара аӡқәа ахьыҵсуа ҳамоуп, апроект ҳамоуп, иахаҵгылап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны ашкол иадҳәалоу ауадаҩрақәа ртәы, аҵаҩцәа рыҟамзаара иахырҟьаны сынтәа иадыркыр шакәхаз.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0