Акоронавирус азы алаҵа аԥстәқәа рҿы иԥыршәеит Ҭырқәтәыла

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы акоронавирус рымоуп 1 275 542-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 69 498-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла акоронавирус азы алаҵа қәҿиарала аԥстәқәа рҿы иԥыршәеит ҳәа ааицҳауеит Анкара иҟоу ауниверситет Хаџьеттеп амедицинатә факультет апрофессор Атеш Кара.

Еилкаахеит амҵқәеи акәыбрқәеи аҿкы еиҭагаҩыс ишыҟам

"Ажәабжь бзиа ҳамоуп. Акоронавирус иаҿагыло алаҵа аԥстәқәа рҿы иԥаҳшәеит. Уажәшьҭа ауаа рҿы иеилкаатәхоит алшарақәа зеиԥшроу", - ҳәа иҩуеит Кара Twitter аҿы.

Урыстәыла акәзар, акоронавирус атерапиазы иҟоу абиологиатә хәшәқәа ҩба рыҭҵаарақәа цоит.

Авакцина ахаҭаҵәҟьа акәзар 11 мзы рышьҭахь акәхоит ахархәарахь инеиртә ианыҟало ҳәа азгәарҭоит аекспертцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: