Еилкаахеит амҵқәеи акәыбрқәеи аҿкы еиҭагаҩыс ишыҟам

© AFP 2023 / LUIS ROBAYOКомар на человеческой руке.
Комар на человеческой руке. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы миллионҩык инареиҳаны ауаа акоронавирус ркит, урҭ рахьтә 50-нызқьҩык раҟара рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik. Акәыбрқәеи амҵқәеи акоронавирус аркра рылшом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аентомолог, ДНК азы испециалисту аҵарауаҩ Константин Китаев, акитаи ҵарауаа имҩаԥыргаз аҭҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Китаиаа аҭҵаарақәа мҩаԥыргахьеит, урҭ инарықәыршәаны акәыбрқәеи амҵқәеи акоронавирус аиҭагара рылшаӡом. Урҭ рыцәшәара аҭахӡам", – ҳәа иԥхьаӡоит аексперт.

Ауаҩы инапы иҿакны деимсазар, амҵ убри аҭыԥ иақәтәаны нас даҽаӡәы иқәтәар, аҿкы иара иахь ишиасуа шьақәзырӷәӷәо адыррақәа макьаназы иҟам.

Акоронавирус – ҿкытә чымазароуп, ауаҩы иҟынтә ауаҩ иахь ииасуеит ҳауала.

Урыстәыла ишьақәыргылоуп 4731-ҩык ачымазара зыхьыз ауаа рхыԥхьаӡара. Аԥсны уаҩы идбалам.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0