Урыстәылатәи аруаа "Аԥшыхәыҩ ицәаҳәа" иахысит

Алагертә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-82АМ аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор" назлоу арратә техника 60 ак.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруаа ашьхаратә ҭыԥқәеи амшынԥшаҳәатә ҭыԥқәеи рҿы "Аԥшыхәҩы ицәаҳәа" ианысит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

23 ԥынгыла змаз амаршрут километрак еиҳан.

Аҭыԥқәа рхысра ыруадаҩын аԥынгыла цҵақәа: алашаратәи абжьытәи нырратә елементқәа, арԥжәагақәа, апиротехникатә хархәагақәа рыла.

Ари аҭагылазаашьа аибашьратә ҭагылазаашьа акыр иазааигәанатәуан.

Аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аԥшыхәыҩцәа аԥышәара рҭиит напышьашәалатәи ақәԥаразгьы. Ахархәара рыҭан: ҳаамҭазтәи аԥшыхәратә комплексқәа, аимадара анапхгараҭагақәа (КРУС) "Стрелец".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: