Арадио

Матуа аԥсуа алфавит аԥҵаразы: акириллица ашьаҭа аҭара аполитикатә ҵаҵӷәы аман

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа игәалашәара амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аԥхьаҩ Асҭамыр Матуа еиҭеиҳәеит Жәлар рпоет иҩымҭақәа рҟынтә иаликаауа, насгьы иҳәеит аԥсуа алфавит алатынтә шьаҭа аҭан еиқәыршәазҭгьы иаҳа иманшәалахоит ҳәа зиԥхьаӡо.
Sputnik
Матуа аԥсуа алфавит аԥҵаразы: акириллица ашьаҭа аҭара аполитикатә ҵаҵӷәы аман

Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара далҵит 60 шықәса раԥхьа, мшаԥымза 7, 1960 шықәса рзы.

"Дырмит Гәлиа анбан анаԥиҵоз аамҭазы аурыс кириллица иаҿырԥшны иҟаиҵар акәын, иҟан ус еиԥш аҭагылазаашьа, ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа иаҳа ибзиахарцаз, сгәаанагарала, уи аполитикатә ҵаҵӷәы аман. Иаҳа иманшәалахон алатынтә алфавит ашьаҭала анбан еиҿкаазҭгьы. Жәабаҟа ҳәынҭқарра рыда, егьырҭ зегьы ирымоу алатынтә шьаҭала еиҿкаау нбануп, европатәи аҳәынҭқаррақәеи Америкеи уахь иналаҵаны. Аха усҟантәи аамҭазы иҟамызт ус еиԥш алшара, иаҳнаҭаӡомызт аҭагылазаашьа. Ҳанбан алатынтә шьаҭала еиқәыршәазҭӷьы, иаҳҳәап, адунеижәларбжьара ҳҳәынҭқарра азхарҵар, атәылауашәҟәаҿы ҳанбанқәа дарбан милаҭзаалазакгьы дызҵазкуа ауаҩы даԥхьартә еиԥш алшара иоуан, аиҭагара аҭаххаӡомызт. Иара убас амашьына адырга ҷыдақәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Матуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: