Урыстәыла аҳәаанырцә иҟоу атәылауаа рырхынҳәразы авиареисқәа хацнаркит

Хәажәкыра 6 рзы имҩаԥган ареисқәа ҩба: Бишкек – Екатеринбург, Дакка - Нижни Новгород.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Урыстәыла аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы иҟоу атәылауаа рырхынҳәразы авиареисқәа хацнаркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Мшаԥы 6, 2020 инаркны Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы иҟоу атәылауаа рырхынҳәразы авиареисқәа хацнаркит. Иахьа имҩаԥган ареисқәа ҩба: Бишкек – Екатеринбург, Дакка - Нижни Новгород", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Егьырҭ ареисқәа рзы аинформациа "Стопкоронавирус.рф" асаит аҿи амаҵзура gosuslugi.ru. апортал аҿи иӡыргахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: