АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҿы аҭааҩцәа рыдыркылом мшаԥы 30 рҟынӡа.
Абас еиԥш аӡбра адкылара адҳәалоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра акоронавирус аламырҵәаразы имҩаԥнаго ауснагӡатәқәеи Урыстәыла ахада иусдҵа "Акоронавирустә инфекциа COVID-19 алаҵәара инадҳәаланы Урыстәыла аҵакыраҿы ауааԥсыра рзы асанитар-епидемиологиатә зҩыда аԥҵаразы ауснагӡатәқәеи".
Хырԥашьа змам азҵаарақәа рҭак аиура алшоит абари аҭел ала: +7 840 226 03 91, мамзаргьы аелектронтә ԥошьҭа ала: rusemsukhum@mail.ru.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иазыхиоуп урыстәылатәи атәылауаа иахәҭаны иҟоу ацхыраара рыҭара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 954-ҩык акоронавирус рыдырбалеит
- Урыстәыла медицинатә хархәагақәак рганахь ала аԥкырақәа аларгалеит