Ҟәбина иԥсҭазаара далҵит акоронавирус змаз апациент

Иахьатәи аамҭазы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иазгәаҭоуп акоронавирустә инфекциа аҭыԥ амоуп ҳәа 50 хҭыс.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы раԥхьаӡа акәны иԥсҭазаара далҵит акороновирус змаз апациент. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара.

Аԥсны акоронавирустә инфекциа заур зылшо рзы ихианы иҟоуп 730 ҭыԥ

"Пациентк дыԥсит. Иара 45 шықәса ихыҵуан. Лабинсктәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иахьатәи аамҭазы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иазгәаҭоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҭыԥ амоуп ҳәа 50 хҭыс.

Амедицинатә усзуҩцәа иазгәарҭоит ачымазара акыр ихьанҭаны ишырхырго.

"Хәҩыуаак арԥҳақәа аҳауарҭарсратә аппарат рхагылоуп, 22-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Ҿыц иаанагаз рҟынтәи аҿар рацәоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аофициалтә дыррақәа рыла, Урыстәыла 7 497-ҩык коронавирус рымоуп, 58-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 496-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 1 154-ҩык акоронавирус рыхьит ҳәа шьақәыргылан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: