АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы раԥхьаӡа акәны иԥсҭазаара далҵит акороновирус змаз апациент. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара.
"Пациентк дыԥсит. Иара 45 шықәса ихыҵуан. Лабинсктәи ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иахьатәи аамҭазы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иазгәаҭоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҭыԥ амоуп ҳәа 50 хҭыс.
Амедицинатә усзуҩцәа иазгәарҭоит ачымазара акыр ихьанҭаны ишырхырго.
"Хәҩыуаак арԥҳақәа аҳауарҭарсратә аппарат рхагылоуп, 22-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Ҿыц иаанагаз рҟынтәи аҿар рацәоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аофициалтә дыррақәа рыла, Урыстәыла 7 497-ҩык коронавирус рымоуп, 58-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 496-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 1 154-ҩык акоронавирус рыхьит ҳәа шьақәыргылан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Х-етапк рыла: Аԥсны акоронавирус агәаҭара шымҩаԥырго
-
Акоронавирус азы алаҵа аԥстәқәа рҿы иԥыршәеит Ҭырқәтәыла