Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ иԥсыз аҷкәын акоронавирус имамызт

Мшаԥы 8 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз аҷкәын қәыԥш ачымазарақәа илаҽны дыҟан, акыраамҭа аиарҭа даман.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ иԥсыз арԥыс қәыԥш акоронавирус имамызт ҳәа аанацҳауеит Акоронавирус аламырҵәаразы Аоперативтә штаб.

"Апациент ахәышәтәырҭахь днаган иҭагылазаашьа акыр иуадаҩны, иаразнакы аԥсеиқәырхарҭахь дышьҭарҵеит. Уа акыр рыҽшазыршәазгьы, иеиқәырхара рылымшеит. Атәылаҿы аҭагылазаашьа злаҟоу ала, COVID-19 азы анализқәа рыҭан. Урҭ акгьы аадмырԥшит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уажәазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа змоу ҩыџьа ыҟоуп. Аӡәы – Москвантәи иааз Гагра ауаҩԥсы, егьи - иара дызныруаз ахаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: