Аԥсны АШәМ аҟны аурыс-аԥсуа ҳәаа анадыркы ашьҭахь иахысыз зусҭцәоу рҳәеит

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵала Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп мшаԥы 8 инаркны 20 рҟынӡа. Аҳәаа анадыркы ашьҭахь 22-ҩык ҳтәылауаа рыҩныҟа ихынҳәит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҿы иҳаилдыркааит аҳәаа анадыркы ашьҭахь иахысыз ртәы.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анадыркы ашьҭахь 22-ҩык ҳтәылауаа рыҩныҟа ихынҳәит

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Нодар Чачхиани иажәақәа рыла, ԥшьҩык рганахьала атәыла аиҳабыра хаҭалатәи рақәшаҳаҭра ҟаҵан.

"Аҳәаа анадыркы ашьҭахь иахысыз 12-ҩык аррамаҵзурауаа роуп, ф-ҩык аидара ахызгоз роуп, ԥшьҩык (ахшароура ашьҭахь аҩныҟа ихынҳәуаз – аред.) рганахьала ахада инапынҵақәа назыгӡо хаҭалатәи иақәшаҳаҭра ҟаҵан", - иҳәеит Чачхиани.

Иара убас иазгәеиҭеит арҭ аҳәсақәа рыԥшьҩык роушьҭразы Валери Бганбеи Ашәарҭадаратә маҵзуреиеи цеиқәшаҳаҭхеит.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала Ԥсоу иаԥну атәыла аҳәаа аркхоит мшаԥы 8 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа.

Аҳәаа ахысра азин рымоуп аҳәаанырцә тәылақәа рдипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу арратә база аруаа, жәларбжьаратәи аидарамҩангара мҩаԥызго атранспорт хархәагақәа рырныҟәцаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: