Гагратәи арҵаҩцәа амчыбжь нҵәаанӡа ауалафахәы роуеит

Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит аинформациа гагратәи арҵаҩцәа руалафахәы мшаԥы аҽеиҩшамҭанӡа иааныркылоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашколқәраҟынӡатәии ашколтәи усҳәарҭақәа рырҵаҩцәа руалафахәы роураны иҟоуп амчыбжь нҵәаанӡа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Хышба-Ажьиба.

Аԥсны афинансқәа рминистрра: атәылауаа атәанчахәи аулафахәи рыҭаразы ԥынгылак ыҟам

"Иацы адокументқәа зегьы рхианы ахадарахь инаҳашьҭит. Иахьа шьыбжьаанӡа ауалафахәы ахыԥхьаӡалахоит. Аԥаратә хсаалагақәа рахь уаҵәы ииаргоит. Ашәарақәа зегьы амчыбжь нҵәаанӡа имҩаԥгахоит", - лҳәеит лара.

Хышба-Ажьиба иазгәалҭеит ауалафахәы аиура иҟоу аҭагылазаашьа ишадҳәалам, шамахамзар есааԥынра усеиԥш ҟалоит, изыдҳәалоугьы ашәахтәқәа реизгароуп.

"Цәыббреи жьҭаареи амзақәа рзы амза 5 иахысуам. Иҟаз ацәажәарақәа зыхҟьаз хәажәкыраз амза 10 рзы иҳауит ауалафахәы, уажәгьы ус иҟалоит ҳәа агәаанагара ахьыҟоу ауп", - лҳәеит лара.

Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит аинформациа гагратәи арҵаҩцәа рулафахәы мшаԥы аҽеиҩшамҭанӡа иааныркылоит ҳәа, аҵара аҟәша лгәаанагарала уи ауааԥсыра ирымоу агәҭынчымроуп мзызс иамоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: