Хәажәкыра 24 раахыс Аԥснынтә Урыстәылаҟа ихынҳәит 314-ҩык урыстәылауаа

Москвеи уи акалҭқәеи злам Ацентртә федералтә округ иқәынхо ауааԥсыра хәажәкыра 24 инаркны мшаԥы 6 рҟынӡа реиҳа ижәпаҩны рыҩныҟақәа рахь иахьынтәаауаз тәылақәоуп Таиланд, Украина, Финлиандиа, Ҭырқәтәыла.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Хәажәкыра 24 инаркны мшаԥы 6 рҟынӡа Аԥснынтәи Урыстәыла Ацентртә федералтә округ арегионқәа рахь ихынҳәит 314-ҩык урыстәылауаа, абри аҩыза адыррақәа аанагоит Акоронавирустә инфекциа ҿыц аҿагыларазы Москватәи аоперативтә штаб.

Аԥсны АШәМ аҟны аурыс-аԥсуа ҳәаа анадыркы ашьҭахь иахысыз зусҭцәоу рҳәеит

"Акоронавирус иадҳәалоу аҭагылазаашьа амониторинг иазку аинформациатә центр адыррақәа рыла, хәажәкыра 24 инаркны мшаԥы 6 рҟынӡа Ацентртә федералтә округ арегионқәа рахь ихынҳәит 13 778-ҩык ауааԥсыра, атәылақәа 77 рҟынтә", - ҳәа ҳәоуп аоперативтә штаб а-Telegram-канал аҟны.

Урыстәыла ауааԥсыра реиҳа ижәпаҩны рыҩныҟа иахьынтәаауаз тәылақәоуп Таиланд, Украина, Финлиандиа, Ҭырқәтәыла, Доминиканатәи Ареспублика, Виетнам, Еиду Арабтәи Аемиратқәа.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа хәажәкыра 28 раахыс иаркын атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы. Мшаԥы 8 инаркны аҳәаа аркуп еилых ҟамҵакәа атәылауаа зегьы рзы. Арҭ аԥкрақәа алагалоуп акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны. Иахьатәи аамҭазы атәылаҿы ишьақәыргылоуп аҿкы зыдбалоу ҩыџьа ачымазцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>