Арадио

Қаԥшь Алаҳаӡы инхо рзы: атуристтә усхк ауп иаҳа рхы ззыркуа

Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭа ахада Михаил Қаԥшь арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы анхацәа рыбзазашьа шыҟоу.
Sputnik
Қаԥшь Алаҳаӡы инхо рзы: атуристтә усхк ауп иаҳа рхы ззыркуа

"Ԥаса ақыҭаҟны аколнхара аныҟаз аамҭазы анхацәа уаҟа аус руан. Иахьатәи аамҭазы еиҳарак атуристтә усхк иадҳәалоуп, асасааирҭақәа дыргылоит ақыҭаҟны. Адгьыл змоу, уажәтәи аҭагылазаашьа шыҟоу ала, ауҭра ҟарҵоит, уи азы атехника араион аҟны иҟоуп. Ақыҭаҟны инхоит 2800–ҩык рҟынӡа, еиҳарак аерман милаҭ роуп, аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсуаагьы рхыԥхьаӡара иацлеит", - иҳәеит Қаԥшь.

Алаҳаӡы ақыҭа ахада ирымоу ауадаҩрақәа ртәы далацәажәо иазгәеиҭеит урҭ аӡцрыҵқәа, амҩа, афымцалашаратә шьаҟақәеи ацәаҳәақәеи ишрыдҳәалоу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: