Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиа: Цандрыԥшь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа еиҳагьы еиҳахарц ахаҿра иацклаԥштәуп

© Foto / предоставлено Бадри ПилияБадри Пилия
Бадри Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшь аҳабла ахада Бадри Ԥлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, аҳабла иаҭаауа акыр еиҳахарц иҟаҵатәу ҳәа ииԥхьаӡо.
Ԥлиа: Цандрыԥшь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа еиҳагьы еиҳахарц ахаҿра иацклаԥштәуп

"Сынтәа имаҷымкәа аԥсшьаҩцәа аҭааит Цандрыԥшь аҳабла. Егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны еиҳамзар, еиҵаӡам. Аҵыхәтәаны идыргылаз ахатә сасааирҭақәа акыр еиҿкаауп, аӡҭарчқәа рыла еиқәыршәоуп. Аҳаблаҟны убасгьы аҳәынҭқарра иатәны аԥсшьарҭақәа ҩба ыҟоуп: "Ԥсоу", "Ера". Урҭ рыҩбагьы ауаа рыла иҭәуп. Асасцәа ҳҭаауазар, хыԥхьаӡара рацәала иҳадаҳкылартә аҭагылазаашьа ыҟоуп,  иҳамоу аҭыԥқәа зегьы рырҭәра уадаҩзар акәхап. Аҳабла иҵегьы еиҳаны аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы ахаҿра маҷк иԥсахтәуп. Амҩақәа ирхылаԥштәуп, ацрыҵқәа аус рыдулатәуп. Амҩа аиҭашьақәыргылара арбоуп 2020-2022 шш. рзтәи акомплекстә план аҟны",-  ихәеит Ԥлиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0