Аԥсны акциа "Агәалашәара абаҳча" иадгылоит

Агәалашәаратә акциа мҩаԥган Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз апоет, апрозаик Ҷыҷыкәа Џьонуа ихьӡ зху абжьаратә школ №13 ашҭаҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз ргәалашәаразы аҵлақәа реиҭаҳара акциа мҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 9 рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәыла, апоет, апрозаик Ҷыҷыкәа Џьонуа ихьӡ зху абжьаратә школ №13 ашҭаҿы.

Ауснагӡатә иалахәын "Аиааира аволонтиорцәа", Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа, урыстәылатәи аџьынџьуаа риеҿкаара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.

Зынӡа еиҭаҳан 20 ҵла: аԥсаӡқәа, ашәқәа, аҳақәа, аҵәақәа.

"Аԥсны Аибашьра ду рхадыршҭуам. Россотрудничество аусуцәа еснагь ҳрымадоуп, аҿар рыцхыраарала, аурыс уаажәларратә еиҿкаарақәа ралахәрала ҳара иҳалҳаршоит аибашьра ахамыршҭразы имаҷымкәа акциақәа рымҩаԥгара", - ҳәа иҳәоит аволонтиортә еиҿкаара "Аиааира аволонтиорцәа" Аԥсны ахаҭарнак, акциа акоординатор Ервин Михин.

Акциа иалахәыз ауаа маҷын ареспубликаҿы иалагалоу аҭагылазаашьа ҷыда инамаданы. Алахәылацәа зегьы асабардақәа рҿан. Хҩык-хҩык рыла ишьақәыргылан агәыԥқәа.

Занҭариа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: ҳахаҵгылароуп, аҿар алаҳааӡароуп

Ахәаша, мшаԥы 10 рзы аҽа 20 ҵла еиҭарҳараны иҟоуп Агәӡератәи ашкол ашҭаҿы.

Акциа рхы аладырхәыр ҟалоит изҭаху зегьы асоциалтә ҳақәа рҿы хештег #СадПамятиДома. адкыларала.

Акциа аиҿкааҩцәа: Урыстәылазегьтәи аволонтиортә еиҿкаара "Аиааира аволонтиорцәа", Аиааира аполководеццәа ргәалашәара Афонд, адгылара ауеит: апрезиденттә грантқәа Рфонд.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.

17,5 нызқьҩык рыԥсадгьыл ду рхы ақәырҵеит. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: