Атанкақәхратә граната ԥшаан Ҟәланырхәа ақыҭан

Ҟәланырхәа ақыҭан иԥшааз напылатәи атанкақәхартә граната аӡиас ахыҵраан иаанагар алшон ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Напылатәи атанкақәхратә граната рыԥшааит Ҟәлнырхәа ақыҭа анхацәа амхы ацәаӷәараан, Аҭагылазаашьа ҷыда аминистрра асапиорцәа иара уаҵәҟьа иқәыргеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит АҶА апиротехника аҟәша аиҳабы Рамиз Цыгәба ахәаша, мшаԥы 10 рзы.

Аибашьыгатә граната ԥшаан Гәдоуҭа ақалақь агәҭа

Атанкақәхратә граната шыԥшааз азы аминистррахь адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион аҟны ГИМС аинспектор Зураб Ҳаразиа, иара иқыҭауаа рҟынтә аинформациа иоуит.

"Уаҟа аџьықәреирҭа рцәаӷәон, атрактор аныҟәцаҩ игәеиҭеит адгьыл аҟынтә аграната шалыҳәҳәоз. Инахарамкәа аӡиас ыҟоуп, уи зны-зынла ианхыҵуа ҟалалоит. Абри агранатагьы аӡы иаанагазар ҟалап, уаҟа аӡәгьы иҵаиҵарымызт", – иҳәеит Ҳаразиа.

Иара иациҵеит убасгьы аграната ахьырыԥшааз амхы ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп ҳәа, ауаа уи ааигәа-сигәа ирнеиааирҭаны иҟам. Аԥжәага аӡиас излалалаз ҳәа Ҳаразиа инҭкааны аҳәара ицәыуадаҩуп, аха игәы излаанаго ала – аибашьра ашьҭахь иҟалап, аӡәы аграната уаҳа исҭаххом ҳәа ԥхьаӡаны аӡы иалаижьзар.