Арадио

Габуниа аҽыбӷаҟаза Шьулиа Лакрба изы: иџьбарарагьы ыҟан, ахымҩаԥгашьагьы идыруан

Аҽыбӷаҟаза, Гәдоуҭа араион аҿы аҽыбӷаҟазаратә спорт аиҿкаара зыбзоурахаз, Аџьыџньтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Шьулиа Лакрба игәалашәара амш аҽны Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ аиҳабы Џьума Габуниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иара иҟазара атәы.
Sputnik

Мшаԥымза 10 рзы, 110 шықәса раԥхьа диит Аԥсны еицырдыруа аҽыбӷаҟаза Шьулиа Лакрба.

Габуниа аҽыбӷаҟаза Шьулиа Лакрба изы: иџьбарарагьы ыҟан, ахымҩаԥгашьагьы идыруан

"Шьулиа Лакраба иҭоурых анҭысҵаауаз даара ирацәаны ифотосахьақәа маҷымкәа еидыскылеит, дызлагылаз акоманда инадыркны. Иара зны капитанс дыҟан, даҽазны иазыҟазҵоз дреиуан. Шьулиа Лакрба аҽыбӷаҟазараҿы иаҭахыз ахымҩаԥгашьеи аџьбарареи илан. Иара ус иаанукылоз иакәымызт. Аибашьра дуӡӡа зхызгаз дреиуан. Аԥсуа ҽыбӷаҟазара иахьа маҷк еиқәханы иҟазар, изыбзоуроу дыруаӡәкуп Шьулиа Лакрба. Иара аҽы-уаара ахаангьы дақәтәомызт, иаҳәа, икәадыр, ишақәнагаз зегьы рыла деибыҭан. Иара Аԥсны анҭыҵ аҳәаҟьараҿы, аҽырыҩрақәа рҿы аҟазара ду ааирԥшуан. Дызлахәыз акоманда ҽыла аҵәеигәыдҵареи ҽыла ампыл асреи аҿы ирацәаны аҵәҭаԥсараҿы зылшоз иакәны ихьӡ рҳәон. Иара иалкааз ҽыбӷаҟазан. Золотинкс Аншба ҳәа Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, аҳәаҟьараҿы ичемпионыз акала иҵахоз иакәымызт Шьулиа Лакрбагьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габуниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: