Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла жәеизаҩык ҳтәылауаа COVID-19 азы агәаҭара иахысит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҟоуп ҩыџьа ауаа – акоронавирус змоу. Урҭ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла жәеизаҩык ҳтәылауаа атестқәа ирхысит, урҭ авирус рцәа ишаламыз шьақәырӷәӷәахеит ҳәа аанацҳауеит Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб.

"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҟоуп ҩыџьаа ауаа – акоронавирус змоу. Урҭ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. Рҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам", - ҳәа рҳәоит Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб аҟны.

Мшаԥы 9 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит атәыла аҩнуҵҟа иназыцҵоу аԥкрақәа ралагалареи административтә ҭакԥхықәра адҵареи рзы Адекрет.

Адокумент инақәыршәаны амҩадуқәа, амшын аԥшаҳәа, ақалақь ашҭақәеи абаҳчақәеи уҳәа егьырҭ ауаажәлар реизарҭа ҭыԥқәеи рҿы аҟазаара ақәиҭымтәра алагалахоит мшаԥы 11, асааҭ 00:00 инаркны аҭагылазаашьа ҷыда арежим аанҵәаанӡа Аԥсны иахьаҵанкуа зехьынџьара.

Валери Бганба иусдҵала арежим еилазго ахараԥсақәа рыршәахоит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>