"Асааҭ ааба инаркны ашьыжь быжьбанӡа акоменданттә сааҭ ҳамоуп. Еилагарак ыҟоуп ҳәа уаҩы иҳәо иҟаӡам, ақалақь аҿы зегьы аԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Еилазгаз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Акультуратә хан аҿы макьана хҩык ауаа Москвантәи иааз акарантин иахысуеит. Иахьа жәаха мшуп дара уа иҟоуижьҭеи. Рҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп, ашоура рымаӡам. Зхала зҽыԥхьазкыз ракәзарагьы, убас, есыҽны аҳақьымцәа неины ршоура ршәоит. Азинхьчаратә усбарҭаҟынтә рышҭақәа ирҭымҵырц азы хылаԥшра рырҭоит. Уи адагьы, ақыҭа ахадацәа рынхацәа хылаԥшра рырҭоит. Зегьы рыҩнқәа рҿы иҟоуп, еиҭанеиааиуам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бганба аҽыԥхьакырҭаҿы иҟоу рҭагылазаашьазы: ашоура змоу ҳәа аӡәгьы дҳамам