Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара аркьаҿрақәа аиуеит

Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 23 рзы Атәыла ахада иусбарҭа азал аҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы ҳәа иҳәоит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.

"Мшаԥы 23 рзы аҭоубашьҭаҵара мҩаԥгахоит. Аиҿкааратә еилакы аԥҵоуп. Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Ахада иусбарҭа аконференц-зал аҿы", - иҳәеит иара. 

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ҟалоит ахада иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь

Ауснагӡатә амҩаԥгара аамҭа сааҭк еиҳахом. Макьаназы еилкаам Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара иалахәхар зылшо аҳәаанырцәтәи асасцәа зусҭцәоу ҳәа иҳәоит Беслан Кәыҵниа.

"Ауснагӡатә иалахәхоит Апарламент адепутатцәа, Ацентртә алхратә комиссиа алахәылацәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы, иааидкыланы 50-60-ҩык. Ажәакала – ҭаацәашәала", - ҳәа иҳәеит иара.

Ишьақәыргылоу апроцедура инақәыршәаны, иалху ахада ҭоуба шьҭеиҵоит, уи ашьҭахь Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо уи инапаҿы ииркуеит аҳәынҭқарратә символқәа – амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

Уаанӡа атәыла ахада Апарламенти Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа ҭоуба иуан. Аха 2014 шықәса рзы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа, уи аахыс ахада иҭоубоура мҩаԥысуеит Апарламенти Аконституциатә ӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: