Аԥсны ақьырсианцәа Қьырса иргәаҟра амчыбжь иҭалеит

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аламырҵәаразы мшаԥы 20 рҟынӡа ауаа рацәа реизара алмыршаразы аԥкрақәа алагалоуп. Убри азы аҳәара ҟаҵоуп арҭ адин мшқәа ауаа рыҩны идәылымҵыкәа иазгәарҭарц.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аҿбаара ду абыжьбатәи амчыбжь ақырсианцәа рзы мшаԥы 13 рзы иалагоит.

Ақьырсианцәа иазгәарҭеит Иҳақәиҭу Иерусалим инеира амшныҳәа. Ари амш Иаса Қьырса аҵыхәтәантәи идгьылтә ԥсҭазаара амшқәа ируакуп. Мшаԥы 19 рзы Амшаԥы, мамзаргьы Иаса Қьырса игылара амш азгәарҭоит.

Ашәахьа инаркны ахашанӡа Анцәа ихаҵаҩцәа Иаҳхылаԥшу иашьапкуеит. Ахашаҽны Иуда иҟаиҵаз ачарҳәара ргәаладыршәоит, аԥшьаша –Ахәылԥаз маӡаҿы Иаса Қьырсеи ацҳаражәҳәаҩцәеи реиԥылара атәы.

Ахәашазы ауахәамақәа рҟны Иаса Қьырса игәаҟрақәеи иԥсреи ргәаладыршәоит, асабшаз – џьаҳаным дылбааны аиашауаа рыԥсаҭақәа рхы ишақәиҭитәыз, аԥсра дшаиааиз атәы рҳәоит.

Амчыбжь зегьы анцәахаҵаҩцәа чгоит, ауахәамақәа рахь инеиуеит, аха сынтәа акоронавирус аламырҵәаразы ауаа рацәа реизара ԥкуп.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа авирус змоу хҩык азгәаҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: