Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара арыцхә аиҭакразы азакәан апроект рыдкылоуп

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара арыцхә ҳәа уаанӡа иԥхьаӡан 1945 шықәса цәыббра 2.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара арыцхә аиҭакразы азакәан апроект аднакылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә Дума асаит аҿы.

Адокумент инақәыршәаны арыцхә цәыббра 2 цәыббра 3 ахь ииагахоит. Уи ҵаҵӷәыс иаҭан 1945 шықәсазы СССР Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум "Цәыббра 3 Иапониа аиааира амшныҳәа ҳәа ишьазааит" ҳәа иаднакылаз аусдҵа.

Аԥшьгамҭа авторцәа: адепутатцәа Владимир Шаманов, Георги Карлов, асенаторцәа Григори Карасин, Михаил Козлов.

Адокумент азырхиоуп аҭоурыхтәи апатриоттәи традициақәа реиқәырхаразы, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара арнаӡаӡатәразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: