Аԥсны Акоммунисттә партиа ахада ҿыц даиуит

Аԥсны Акоммунисттә партиа аԥҵан 1993 шықәса жьҭаарамзазы. Бакәыр Бебиа уи аԥшьбатәи ахантәаҩы иакәхеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоммунисттә партиа аиҭакра, аҿар радԥхьалара уҳәа игәы ишҭоу Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи ахада ҿыцс иалху 42 шықәса зхыҵуа Бакәыр Бебиа.

"Иахьазы апартиа иалахәылоуп 1200 - 1500–ҩык. Аиҳарак алахәылацәа зықәра нхыҳәҳәахьоу роуп. Сара исҭахуп аҿар адԥхьаланы аԥсҭазаара ҿыц аласырҵәарц", - иҳәеит иаԥхьаҟатәи апланқәа дрылацәажәо Sputnik аинтервиу азҭаз Бебиа.

Апартиа иамоуп аҟәшақәа ԥшьба – Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра.

"Сара исҭахуп аҿар рымч-рылша, ҿыцла рхәыцра ахархәара аиурц. Исҭахуп атәылазы хра аманы иҟаларц ҳусура. Ҳтәылаҿы акоммунизм иҿыцу форматны ишыҟало збоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Акоммунисттә партиа аԥҵан 1993 шықәса жьҭаарамзазы. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара напхгара арҭон: Олег Дамениа, Енвер Қапба, Лев Шамба. Уажәы ари анапынҵа иҭоуп Бакәыр Бебиа.

Аԥсны акоммунисттә партиа Акоммунисттә партиақәа Реидгыла — Асовет Еидгыла акоммунисттә партиақәа ирыхәҭакуп.

Бакәыр Шарбеи-иԥа Бебиа диит ԥхынҷкәын 22, 1977 шықәса рзы Очамчыра. Москватәи аҳәынҭқарратә социалтә университет даушьҭымҭоуп.

2019 шықәса абҵарамзаахыс Аԥсны Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд ахантәаҩыс дыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: