Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа ахәбатәи рыхәҭа контрактла Аԥсны иаангылоит

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа еилаӡарыла аррамаҵзура ианахыслак ашьҭахь Урыстәыла иахьаҵанакуа арратә ипотека апрограммала ауадақәа роур алшоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аруаа рыбжьара имҩаԥган асоциологиатә ҭҵаарақәа. Абри аан еилкаахеит Урыстәылатәи аруаа ахәбатәи рыхәҭа еилаӡарыла Аԥсны аангылара шырҭаху. Абри атәы аанацҳаит аокруг апресс-маҵзура.

"Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа еилаӡарыла иаангылар рҭахуп 12% инареиҳаны аруаа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Апресс-маҵзураҿы иарбоуп еилаӡарыла аррамаҵзура ахысраан акандидатцәа зегьы инҭкааны агәаҭарақәа ирхысуеит ҳәа.

Аррамаҵзура иахысуанаҵы аконтрактникцәа амаҵзуратә уадақәа мамзаргьы азеиԥшнхарҭаҿ амаҵзуратә уадақәа рыҭоуп. Хышықәса рышьҭахь дара ироуеит алшара арратә ипотека апрограммала Урыстәыла иахьаҵанакуа ауадақәа раахәаразы. Аипотека аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥарашәара мҩаԥнагоит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра.

Уи адагьы ԥхьатәара ицо аррамаҵзурауаа, аррамаҵзура ианахысуаз рхы бзианы иаадырԥшызар, адгалара-рҽхәаратә шәҟәқәа рыцырҵоит аҵараиурҭақәа рҭаларазы. Рҭаацәа ирзырышьҭуеит арратә база аиҳабыра рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: