АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруаа ашьхаратә ҭыԥқәеи амшынԥшаҳәатә ҭыԥқәеи рҿы "Аԥшыхәҩы ицәаҳәа" ианысит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.
23 ԥынгыла змаз амаршрут километрак еиҳан.
Аҭыԥқәа рхысра ыруадаҩын аԥынгыла цҵақәа: алашаратәи абжьытәи нырратә елементқәа, арԥжәагақәа, апиротехникатә хархәагақәа рыла.
Ари аҭагылазаашьа аибашьратә ҭагылазаашьа акыр иазааигәанатәуан.
Аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аԥшыхәыҩцәа аԥышәара рҭиит напышьашәалатәи ақәԥаразгьы. Ахархәара рыҭан: ҳаамҭазтәи аԥшыхәратә комплексқәа, аимадара анапхгараҭагақәа (КРУС) "Стрелец".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны иҟоу Урыстәыла аруаа аремонтҟаҵага машьынақәа раԥхьаӡа акәны рхы иадырхәеит
-
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруаа ашьхараҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит