Аԥснытәи ашколқәа рҟны рашәарамза аҽеиҩшамҭанӡа аҵарашықәс инахар ҟалоит

Мшаԥы 15 рзы Аҵара аминистрра аколлегиа мҩаԥысит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистр Адгәыр Какоба.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Акарантин мшаԥы анҵәамҭаз иаԥыххар, аҵарашықәс рашәарамза аҽеиҩшамҭанӡа инахахоит, абри атәы иҳәеит аминистр Адгәыр Какоба.

Аԥсны ашколқәа рҟны аиагаратә ԥышәарақәа аԥыхуп

Абри аамҭаз акарантин аԥыххар ашколқәа аартхоит лаҵара 4 рзы.

"Ари заанаҵтәи гәаанагароуп. Акарантин мшаԥымза анҵәамҭаз иаԥыххар алшоит ҳәа ацәажәарақәа цоит. Аԥкырақәа ҟалозар, уи ҳҽақәҳаршәап", - иҳәеит иара.

Какоба иазгәеиҭеит мызкаԥхьа аминистрра аусзуҩцәа ИуНИСЕФ ахаҭарнакцәа аҳәара шрырҭаз онлаин-аҵара апрограмма аиуразы.

"Апрограмма ҳаҭара мап ацәырымкӡеит, аха уи аҭыԥантәи аҭагылазаашьа ианраалатәуп. Уи аамҭа аҭахуп, арҵаҩцәа азырхиатәуп, апрограмма ахархәашьа дырҵатәуп. Ашколқәа рдиректорцәа ажәадгала раҳҭеит асоциалтә ҳақәа рҿы агәыԥқәа аԥҵаны аҽазыҟаҵарақәа еиҿыркаарц", - иҳәеит иара.

Какоба ари аметод азҵаара нагӡаны ишазымыӡбогьы, хра амоуп ҳәа ахиҳәааит.

"Аҟәатәи актәи абжьаратә школ авидеоурокқәа рымҩаԥгарала аинтернет ахархәара анаҭозар, ақыҭа школқәа рҟны уи узалыршом", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵала ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аԥсшьарамшқәа мшаԥы 20 рҟынӡа инахоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: