Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 3448-ҩык авирус рыдырбалеит

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа рыԥсҭазаара иалҵхьеит 200-ҩык акоронавирустә ҿкы зкыз ауааԥсыра. Авирус азгәаҭоуп 78 регион рҟны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 3448 коронавирус хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рҟынтәи 34 ԥсыҭбара ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит стопкоронавирус.рф. асаит. Абас ала, уахыки-ҽнаки ирылагӡаны маҷӡак акәзаргьы илаҟәит ачымазара зауз рхыԥхьаӡара.

Иара убри аан абри аамҭала 318-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит.

Зынӡаск акоронавирус рыдбалоуп 27 938-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 200-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 1986–ҩык.

Реиҳараҩык қәрала 45 шықәса иреиҵоуп.

Москва мшаԥы 13 инаркны аушьҭратә система алагалоуп.

Мшаԥымза нҵәаанӡа акарантин аус ауеит. Ауааԥсыра ирыҳәоит хырԥашьа змам уск анрымоу ада рыҩнқәа ирдәылымҵларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>