Амшаԥныҳәа аламҭалазы галаа аџьармыкьаҿы ахәаахәҭра азин рырҭеит

Хәажәкыра 28 инаркны акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аԥсны иахьаҵанакуа аџьармыкьақәа аркуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17– Sputnik, Бадри Есиава. Гал араион ауааԥсыра амшаԥ аламҭалаз ахәашеи асабшеи аџьармыкьахь ақыҭанхамҩатә аалыҵ анагара азин рырҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба.

"Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб азин ҟанаҵеит ақыҭауаа ахәашеи асабшеи аџьармыкьахь рнеира", - иҳәеит Бганба.

Иара иазгәеиҭеит аныҳәа ашьҭахь аџьармыкьа аус ауоу иамуоу, ари азҵаара иӡбоит иалху атәыла ахада Аслан Бжьаниа аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь ҳәа.

Гәдоуҭатәи аџьармыкьа мшаԥы 17 рзы иаартхоит Гәдоуҭа араион ахадараҿы иҟоу Аоперативтә штаб аӡбарала ҳәа уаанӡа Sputnik иазеиҭалҳәахьан араион асанитар-епидемиологиатә маҵзура аиҳабы Инга Ҷанԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: