АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 4070 вирустә хҭыс ҿыцны иазгәаҭоуп Урыстәыла ҳәа аанацҳауеит акоронавирус аҿагыларазы Москватәи Аоперативтә штаб.
41-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Раԥхьатәи ачымазаҩ дазгәаҭан Ареспублика Алтаи аҿы. Аҵыхәтәантәи уахаки-ҽнаки рыла ргәабзиара шьақәгылеит 286-ҩык.
Зынӡа рыԥсҭазаара иалҵхьеит 273-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 2590-ҩык.
Уаанӡа Москва ахада ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Ракова иазгәалҭеит иааиуа амчыбжьқәа ачымазара иашыкьымҭахар ҟалоит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Абиолог COVID-19 ахҟьаԥҟьақәа ртәы дрылацәажәеит