АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Иааиуа амчыбжьқәа Москвазы акыр ауадаҩрақәа рыцлоит, избанзар ачымазара иашыкьымҭахар ҟалоит ҳәа лҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Ракова.
"Москва апандемиа аиааишьас иҟанаҵо амедицинатә усзуҩцәа реиԥш ақалақь ауааԥсырагьы ирҭакԥхықәроуп", - аҳәоит Москва еиҿкаау Аоперативтә штаб адырраҭараҿы.
Ракова амедикцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит хшаҭарыда имҩаԥырго русуразы, дрыҳәеит рхы иацклаԥшларазы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>