Афырхацәа рымҩала: Сақаниа еиҭеиҳәеит Аибашьра ду иалахәыз иаб иашьа Иликәа иҭоурых
© Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Кәтол ииз Иликәа Сақаниа Сталинград ахақәиҭтәразы "Агәымшәаразы" амедал ианашьан, дҭахеит Польша ахақәиҭтәраан.
"Сара ишыздыруа диит 1921 шықәсазы, аибашьра аналагоз ҿыц аҭаацәара аԥиҵеит. Иареи иԥшәмеи еидымхалаӡеит, аибашьра дыргеит ахшара дроуаанӡа. Издыруеит 1941 инаркны 1944 шықәсанӡа аибашьра дшалахәыз. Аҳәаа иахыҵны Польша ианалалоз аибашьраҟны аҭагылазаашьа ӷәӷәа ҟалеит, ирацәаҩуп иара ицҭахаз. Польша иҟоуп Келецкое воеводство ақыҭа Стопница, уаҟа джуп иара. Ҳара ҳаҟан Стопница асовет аамҭазы, даара ибзианы ҳрыдыркылеит", - иҳәеит Сақаниа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Нури Кәарҷиа еиҭеиҳәеит иаб Еремеи иеибашьратә мҩа атәы
Афырхацәа рымҩала: Виолетта Ҳаразиаԥҳа Владимир Ҳаразиа изкны