Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нури Кәарҷиа еиҭеиҳәеит иаб Еремеи иеибашьратә мҩа атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәарҷиаа ԥшьҩык аишьцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын. Хҩык аҩныҟа ихынҳәит, урҭ рҭоурых атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аибашьра аветеран Еремеи Кәарҷиа иԥа Нури Кәарҷиа.
Афырхацәа рымҩала: Еремеи Кәарҷиа иашьцәеи иареи рҭоурых иазкны

"Ԥшьҩык аҷкәынцәа сабду ихылҵыз аибашьра иалахәын. Урҭ рахьтә хҩык гьежьит. Аиҵбаӡа дҭахеит. Аишьцәа изларҳәоз ала, Краснодар аганахь џьара дҭахеит иахьынӡардыруа. Сара саб актәи атанктә батальон далан. Атанк аекипаж аҿы хысҩык иаҳасабала дыҟан. Хҩык аишьцәа рашьа даныршь саб дыргеит иашьа ицынхәранс. Иара днанагеит Ленинград, аблокада раԥхьатәи амш инаркны ихигеит. Аԥшыхәцәа изларҳәоз ала, анемеццәа ртанкқәа ааигәахара ианалагоз саб дзықәтәаз атанк рышьҭит урҭ аҿагылара рыҭаразы. Убра иҟаз аидыслараҿы атанк анемеццәа еихсны ирблит. Саб итанк алиук ахы аахеит, изаамыртит. Ԥыҭрак уа дҭахеит. Аҵыхәтәаны илиршеит аҭыҵра. Асы дахьылажьыз ихы ахәра ӷәӷәа аиуит. Амедиаҳәшьа илҭаз ацхыраара иабзоураны иԥсы еиқәхеит. Иара дырхәит 1942 шықәса рзы, убри ашьҭахь аҩныҟа доурышьҭит имаз ахәра иахҟьаны. Ладога ҳәа изышьҭоу амҩала иԥсы иман аҩныҟа дхынҳәит", - ҳәа еиҭеиҳәеит иаб иҭоурых Кәарҷиа.

Афырхаҵа иҭоурых иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0