Арадио

Кәыҵниаԥҳа анхацәа ажәлақәа рыла реиқәыршәаразы: иаҳбоит аҭахрақәа зегьы шҳазхамырҭәаауа

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" аицеиҿкааҩ Кама Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит анхацәа ажәлақәа рыла реиқәыршәаразы апрограмма сынтәа аус шадыруло атәы.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа анхацәа ажәлақәа рыла реиқәыршәаразы: иаҳбоит аҭахрақәа зегьы шҳазхамырҭәаауа

" "Кьараз" Ақыҭанхамҩатә программа имҩаԥнагоижьҭеи ԥыҭк ҵуеит, аха сынтәа аҭагылазаашьа шыҟоу жәбоит (ачымазара ҿкы иахҟьаны апандемиа азы - аред.), иаҳа амҽхак ҳарҭбаарц ҳаӡбеит. Акарантин анрыларҳәа, аџьармыкьақәа адыркит, анхацәа ажәлақәа ирышьҭалан, ирмоуӡеит. Ус ианыҟала ажәлақәа ҳрышьҭалеит ацхыраара заҳҭо аҭаацәарақәа рзы. Шә-нызқь мааҭ азоуҳажьит ажәлахкқәа раахәара. Анаша, апатырџьан, апырпыл хаа, аиаҵәара. Ирылаҳҳәаз акциа инақәыршәаны шә-нызқь мааҭ рыхә ажәлақәа Урыстәыла иҿаҳҵеит, мчыбжьык иалагӡаны иҟалоит. Уи ақыҭауаа 400 ҭаацәара инарзынаԥшуа рыҭара ҳгәы иҭоуп. Урҭ аҭаацәарақәа "Кьараз" зыцхыраауаз мацара ракәӡам. Макьана асиа шьақәыргылаӡам, ауаа ҳадҵаалоит, рыхьыӡқәа, рҭелқәа анҵаны иҟаҳҵоит, ажәлақәа анаауа ирзаҳшоит. Еилаҳкаауеит ари шазымхо, убри аҟынтәи ацхыраара аҟаҵара алшара змоу зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит. Ажәлақәа миллионк рыхә ааугаргьы, анхацәа ирмыхәозар, ус иаанрыжьӡом, рхы иадырхәоит. Уажәы иҿаҳҵаз ажәлақәа рыла иаҳбоит зегьы рҭахрақәа шҳазхамырҭәаауа", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: