Атәанчахәытә фонд атәыла араионқәа рҿы атәанчахәы аныршәо арыцхәқәа рҳәеит

Аԥсны ауааԥсыра атәанчахәқәа роуеит амза 18 инаркны, аха сынтәа ари арыцхә аԥсшьарамш иақәшәеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны араионқәа рҿы ауааԥсыра атәанчахәы рыҭара иалагоит иахьа, мшаԥы 21 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атәанчахәыәт фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.

Аҟәа ауааԥсыра аԥсуа тәанчахәы рырҭоит мшаԥы 21 рзы

Иара иажәақәа рыла, аԥсуа тәанчахәы ауаа ирыҭамызт амза 18 аԥсшьарамш иахьақәшәаз азы.

Иара иҳәеит ашәарақәа ишрылаго Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟынтәи.

Амчыбжь аҩнуҵҟа атәанчахәы роуеит Гәдоуҭеи Тҟәарчали араионқәа. Иааиуа амчыбжь азы атәанчахәы рыҭахоит егьырҭ араионқәа рҿгьы.

Уаанӡа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра азинтә усбарҭа аиҳабы Ромео Черқьезиа аҳәамҭа ҟаиҵеит ауааԥсыра егьырҭ асоциалтә шәарақәеи аԥарацҵақәеи рызшәахоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: