Агәабзиарахьчара аминистрра: Нино Хецуриани лгәабзиара шьақәгылоуп

Акоронавирустә инфекциа змаз Нино Хецуриани илзааигәаз, дызныруаз ауаа рҟынтәи аӡәгьы ачымазара идбалам.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Гал араион Аберқыҭ инхо Нино Хецуриани, акоронавирус лымоуп ҳәа Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭахь инагаз, лгәабзиара шьақәгылеит ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа апресс-конференциаҿ.

Гагреи Гали араионқәа рҟны акоменданттә сааҭ аԥыхуп

Хәажәкыра 30 рзы Москвантәи иааз Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы адыркит. Ақалақь аҩнуҵҟа ауаа рынеиааира амилициа ахылаԥшуан. Араион ауааԥсырагьы иҟалаз ашьҭахь рхы ԥхьаркуа иалагеит.

Иоурышьҭуаз амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа ракәын, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалоз, иалҵуаз ршоура ршәон. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылан.

"Иҳамоу аинформациа ала, Хецуриани лгәы бзиоуп. Илныруаз ракәзаргьы аӡәгьы бааԥсык ицәа иалам", - иҳәеит аминистр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: