Агәабзиарахьчара аминистрраҿы Аԥсны акоронавирустә ҭагылазаашьа зеиԥшроу рҳәеит

Аҩаша, мшаԥы 21 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи дылҩаан акоронавирус аҟынтә зҽызхәышәтәыз раԥхьатәи ауаҩы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Акоронавирус аҿагыларазы лаҵарамза реиҳа иуадаҩу мзахоит ареспубликаҿ ҳәа ишьоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Ааԥын нҵәаанӡа аҭагылазаашьа хылаԥшраҳзаҭар, шәарҭара дук ҟалом. Макьаназ Аԥсны узеигәырӷьаша аҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟоуп" ҳәа иҳәеит аминистр ажурналистцәа аниҿцәажәоз.

Ҭамаз Ҵахнакьиа мшаԥы 22 рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ акоронавирустә инфекциа аҿагылара. Аҭагылазаашьақәеи аԥеиԥшқәеи" атемала апресс-конференциа мҩаԥигоит. Аконференциа ахәаԥшра алшоит Sputnik асаит аҿы.

Иахьатәи аамҭазы гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп ҩыџьа акоронавирус зманы ишьоу ауаа.

Аҩаша, мшаԥы 21 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи дылҩаан акоронавирус аҟынтә зҽызхәышәтәыз раԥхьатәи ауаҩы.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар шәылшоит абра>>