Ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҟны: урыстәылатәи аруаа арзҩыдара шымҩаԥырго

Амшынеиқәатә флот арратә ҟазауаа акоронавирус аламырҵәаразы ацхыраара ҟарҵарц Аԥсныҟа иааԥхьан мшаԥы 18 рзы.
Sputnik

Атехника ҷыда ареспубликахь иаашьҭуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.Иаашьҭу автомашьынақәа ирылахәуп аеразольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У. Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿ иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: