Аԥсны ахәбатәи ахада: Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара

Sputnik

Мшаԥы 23 рзы, Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит. Атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иара инапаҿы ииркит ахада имчра адырга ҷыдақәа – абираҟ, амҳәыр, аштандарт, алабашьеи аҳәеи.

Аныҳәатә церемониа иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, иалху Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Зураб-иԥа Гәынба, Алхратә комиссиа хада анапхгара, 2020 шықәсазы Аԥсны ахадарахьы алхразы акандидатцәа, аилатәара иалахәын иара убас – Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Аркади-иԥа Двинианин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Сергеи-иԥа Қәпалба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 11
Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 аҽны, Аҟәа.
2 / 11
Имҩаԥгаз ацеремониа аҳәынҭкарратә телехәаԥшрала онлаин идырбан.
3 / 11
Ачымазара ҿкы акоронавирус аламырҵәаразы аинаугуарциа мҩаԥган ауаа рацәа аламырхәӡакәа, уеизгьы адныҳәаларазы иааит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак.
4 / 11
Аслан Бжьаниа инапаҿы иркын аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
5 / 11
Аҳәынҭкарратә мчра асимволқәа
6 / 11
Аҭоубашьҭаҵара иалагаанӡа аҳақьымцәа асасцәа ршоура гәарҭон.
7 / 11
Аҭоубашьҭаҵара далахәын Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиеи Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Ҭемыр Ӡыбеи.

8 / 11
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵараан шәҩык инарзынаԥшуа амилициа аусзуҩцәа азинеиҿкаара иахылаԥшуан.
9 / 11
Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, Аслан Бжьаниа Аԥсны ахада иҭоуба даԥхьеит аҳәынҭқарра Аконституциа инапы нақәҵаны.
10 / 11
Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит АКХ аҵыхәтәантәи алкаақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны 30 мшы рышьҭахь.
11 / 11
Атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа сааҭбжак аҟынӡа ауп иахьадхалаз.