Сааҭбжак аҩнуҵҟа: атәыла ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара шымҩаԥысыз

© Sputnik / Томас ТхайцукЦеремония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания
Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Уи мҩаԥысит ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿы акоронавирус алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.

Иахьатәи аныҳәатә церемониа иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, иалху Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Зураб-иԥа Гәынба, Алхратә комиссиа хада анапхгара, 2020 ш. Аԥсны ахадарахьы алхразы акандидатцәа, аилатәара иалахәын иара убас – Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Аркади-иԥа Двинианин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровие-Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Сергеи-иԥа Қәпалба.

Sputnik

Иаазыркьаҿны

Атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа сааҭбжак аҟынӡа ауп иахьадхалаз.

Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Уи мҩаԥысит ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿы акоронавирус алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.

Ацеремониа алахәылацәа азал ианыҩналоз амедицинатә усзуҩцәа ршоура ршәон. Уи ашьҭахь ауп азал иҩналар аныҟалоз.

Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵараан шәҩык инарзынаԥшуа амилициа аусзуҩцәа азинеиҿкаара иахылаԥшуан.

Азинеиҿкаара иахылаԥшуан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аппарат хада, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭинспекциа, Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа русзуҩцәа.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониаан автотранспорт азы иаркын Лакоба имҩа, академик Марр ихьӡ зху амҩеи Ажәанба ихьӡ зху амҩеи реихысырҭақәа рҟынӡа.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ацеремониаҟны иқәгылараан ҭабуп ҳәа реиҳәеит ахада иалхратә процесс иалахәыз зегьы, агәыӷрагьы ааирԥшит Аслан Бжьаниа ахада имаҵураҟны алҵшәа бзиақәа раарԥшразы амчи алшареи иоуп ҳәа.

Анаҩс аԥсуа гимн аҿаркын, Ахада иусбарҭахь дааит Аслан Бжьаниа. Уи ауарҳал ҟаԥшь дықәланы ахыбра дыҩналеит, аконференц-зал аҟны даннеиз, ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа аҭоуба шьҭеиҵеит:

"Ҭоуба зуеит сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыԥсҭазаара зегьы Сыԥсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи апеиԥш рыхьчараз схы ишасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иԥшьоу абри ахақәкы сацәхьаҵны саныҟала. Иа Анцәа ду, суҳәоит, Сыԥсадгьыли сыуаажәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи суҭарц!"

Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Валери Бганба Аслан Бжьаниа инапаҿы ииркит аҳәынҭқарратә мчра атрибутқәа – абираҟ, амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

Ахада ҿыц раԥхьатәи иажәахә

Ҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь, Аслан Бжьаниа раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарра ахада иаҳасабала даԥхьеит ажәахә. Уи аҟны иара иазгәеиҭеит алхратә кампаниа амҩаԥысшьеи ахыркәшашьеи атәылаҿы аполитикатә культура ҿыц аҿиара аиуеит ҳәа агәыӷра шаҳнаҭо. Бжьаниа иҳәеит ахадарахьы егьырҭ акандидатцәа аус рыцура дшақәгәыӷуа. Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра иахықәкы хадоу Аԥсны аҳәынҭқарратә институт хадақәа реиҭеиҿкаареи рырӷәӷәареи шракәу.

Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Ажәлар аиҳабыра рыгәра рго аҟаҵара: Аслан Бжьаниа аҭоубашьҭаҵараан дықәгылеит

"Абри ахықәкы рхы ақәырҵеит Аԥсны иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи. Абри иазкын Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи русура. Сгәыӷуеит абри аганахьала ҳусура ауаажәларратә еидгылара иахәап ҳәа", - азгәеиҭеит иара.

Ихадароу ашьаҿақәа ируакны Бжьаниа иаликаауеит "ауаажәлар аиҳабыра агәра рго аҟаҵара". Атәыла ахада ҿыц игәаанагарала, уи алыршахоит ламысцқьала аусура ҟалар.

"Анагӡаратә мчра асистемахь усура иааԥхьахо зегьы ируалԥшьоуп аминистр иҭыԥ, аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы иҭыԥ атәылауаа рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду ушаҵанаргыло аилкаара. Раԥхьа инаргыланы ауаажәлар рҿаԥхьа иаадырԥшлароуп азин апринципқәа ишрықәныҟәалатәу, азакәан аҿаԥхьа зегь шеиҟароу", - иҳәеит Бжьаниа.

Ахада иара убас акоронавирус атемагьы дазааҭгылеит, иара иазгәеиҭеит апандемиа агәабзиарахьчараҿы апроблема дуқәа шыҟоу шаанарԥшыз.

Аслан Бжьаниа идныҳәалеит

Аслан Бжьаниа иқәгылара ашьҭахь адныҳәаларақәа рахь ииасит. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аслан Бжьаниа атәыла ахадас иалхра идиныҳәалеит. Убри аан иара иааирԥшит аԥсуа бызшәа аҵараҿы имоу аихьӡарақәа - иажәа аԥсышәала ихациркит. Нас Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала адныҳәаларатә аацҳамҭа даԥхьеит.

Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Аԥсышәалеи урысшәалеи: Двинианин Бжьаниа дидныҳәалеит

Урыстәылатәи адипломат агәрагара ааирԥшит Аслан Бжьаниа иполитикатә ԥышәеи, иҟәышреи, ипрофессионализми ирылҵшәаны Аԥсни Урыстәылеи русеицура еиҳагьы хра аманы иҟалап ҳәа.

"Сара агәра шәсыргар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра иарбан хырхарҭазаалак, иарбан усхкзаалак рҟны еснагь адгылареи ацхыраареи шанаҭо азы", - иҳәеит Двинианин.

Иажәа хыркәшо, Двинианин ҩаԥхьа аԥсышәала дцәажәеит:

"Нагӡара ақәзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра! Шьардаамҭа Аԥсни Урыстәылеи! Даара иҭабуп", - иҳәеит иара.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ихьӡала Аслан Бжьаниа дидныҳәалеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, Аахыҵ Уаԥстәыла анапхгареи ажәлари рыхьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдысныҳәалоит официалла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас шәыҟалара. Ҳара еснагь ҳазыхиоуп аԥсуа-ауаԥс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы рырҿиара", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа

Олег Боциев иҳәеит Аԥсны адунеитә еиҿкаара иахәҭакны аполитикатә, аепидемиологиатә, аекономикатә ԥышәара иахымсыр шамуа.

"Имариам аҭагылазаашьаҿ, Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ачҳара, аполитикатә лшара, Аԥсны ажәлар – аҭынчреи аҿиареи", - иҳәеит Олег Боциев.

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит АКХ аҵыхәтәантәи алкаақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны 30 мшы рышьҭахь.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.

Ажәабжьқәа зегьы
0