Ажәлар рҿаԥхьа аҭоуба: Аслан Бжьаниа официалла Аԥсны ахадас дҟалеит

Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 аҽны, Аҟәа.
Sputnik

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа иалахәын  Жәлар реизара ахантәаҩи адепутатцәеи, Аконституциатә ӡбарҭеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи аӡбаҩцәа, Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәа, ааԥхьара имоуп Аԥсны иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Аинаугурациа ацеремониаан ҿыц иалху аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аҭоуба шьҭеиҵеит, уи ашьҭахь ахада инапынҵақәа назыгӡо инапаҿы ииркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: