Арадио

Бганба Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵаразы: аҭагылазаашьа инақәыршәаны иԥшӡаны имҩаԥган

Гагра араионтә еизара адепутат Ахра Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра ахада иҭоубашьҭаҵара ишиашоу ицоз аефир ала дшахәаԥшуаз, убасгьы араион аҟны еиҭакрақәас аԥхьаҟа дыззыԥшу ртәы.
Sputnik
Бганба Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵаразы: аҭагылазаашьа инақәыршәаны иԥшӡаны имҩаԥган

"Гәахәарыла сахәаԥшит Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡаразы азинмчы иоурц азы ауснагӡатә. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы аҿкы чымазаразы иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны инеиҵымхкәа, даара иԥшӡаны имҩаԥган ҳәа сгәы иаанагоит. Хымԥада, иалумкаар залшом Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба ишымҩаԥигаз. Аԥсны ахада иқәгылара бзианы имҩаԥысит ҳәа сгәы иаанагоит. Убасгьы сазааҭгылар сҭахуп алхрақәа раан акандидатцәа рыхҩыкгьы рхымҩаԥгашьа, аамсҭашәала рхы аадырԥшит, ажәлар дмыргәамҵӡеит", - иҳәеит Бганба.

Иара иазгәеиҭеит убасгьы аԥхьаҟа Гагра аҿиара ибарц шиҭаху атәы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.