Апандемиа аан: Аԥсны аԥсылманцәа амза ԥшьа Рамадан иҵалеит

Адунеи аҿы инхо аԥсылманцәа зегьы рзы иԥшьоу амза Рамадан мшаԥы 24 рзы иалагеит, лаҵара 23 рзы инҵәоит. Аԥсуаа рҿы ари амзазы аурычра иҵалеит рҳәоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Адунеи аҿы инхо аԥсылманцәа зегь реиԥш, Аԥсны иҟоу аԥсылманцәагьы Рамадан амза иҵалеит иҳәоит Аԥснытәи аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара ахантәаҩы Ҭемыр Ӡыба. Иара иажәақәа рыла, ачымазара ҿкы адунеи анампыҵанахало аамҭазы адинтә ԥҟарақәа реиԥш иазгәаҭалатәуп амедицинатә ԥҟарақәагьы.

"Ҳара еилаҳкаауеит ҳазҭагылоу аамҭа Иаҳхылаԥшу ишазԥхьагәеиҭаз. Ачҳара ааҳарԥшлароуп. Иахәҭаны иҟоу акарантинтә ԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп", - иҳәеит иара.

Адунеи аҿы иреиҳау аџьаамақәа Меккеи Мединеи рахь анеираҵәҟьа ԥкуп, ауаа ргәабзиара ашәарҭара иҭаргыламхарц азы иҳәеит Ӡыба.

Иара иажәақәа рыла, зқьи хәышә шықәса раԥхьагьы адунеи ауааԥсыра абри аҩыза аҭагылазаашьа роухьан. Усҟангьы ауаа аԥкратә ԥҟарақәа рзаԥҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: