Арадио

Кәыркәнаа: араса ачымазара анхацәа аԥхасҭа ду рнаҭеит

Ҭхьына ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа рхы зланыҟәырго, иаадрыхуа атәы.
Sputnik
Кәыркәнаа: араса ачымазара анхацәа аԥхасҭа ду рнаҭеит

"Анхацәа еиҳарак араса акәын иаадрыхуаз, ицәгьамкәангьы иҟан. Араса ахә амоуп ҳәа анраҳа инаркны аҟаҵара иалагеит, иара ҳадгьылгьы ианаалоит. Уажәаанынӡагьы иҵәахны ирыман. Сакьк рыман ицар, ихәҳаахәҭны иаауан. Ацәгьа-абзиа уҳәа аларбартә рхы ныҟәыргон. Аха ачымазара иҟалаз зегьы аԥхасҭа рнаҭеит. Даара илаҟәӡаны ахә каҳаит, уи ажәлар ирныԥшит. Ауҭраҭых аганахьала акәзар, доусы рхазы иаадрыхуеит. Рхәы инахыҳәҳәо иаароур, аџьармыкьахьгьы инаргоит. Акарпыжә, ашьынкагьы ҟарҵоит рыҩназы, ус ирҭиуа иҟам. Анхацәа зынӡа ирфо-иржәуа рымам сызҳәом, адгьыл иқәаарыхуеит, акрыруеит, убри алагь рхы ныҟәыргоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыркәнаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: