Ҭырқьба: иахьа аҭагылазаашьа злаҟоу ала, амхқәа лаҵатәуп
© Sputnik
"Сынтәа амхқәа змоу ацәаӷәара иалагеит, саргьы хаҭала исцәаӷәеит, сынтәа аџьықәреи ласҵоит. Ари аҭагылазаашьа (акороновирустә ҿкы апандемиа - аред.) иахьа ишыҟоу ала, алаҵара аҭахуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аҩны ҳаҟоуп, анхара ҳнапы алакуп. Сынтәа ацитрусгьы бзианы ишәҭит, ҿыц еиҭаҳаны иҳамаз маҷк ахьшәашәарақәа рԥырхагахазаргьы, сынтәа аҽаҩра бзиахап ҳәа ҳазыԥшуп. Ақыҭаҿы инхо амла дакӡом аус иур", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭырқьба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Малиа: Аацы ақыҭа иахьагьы аԥсуа ҵасқәа ныҟәнагоит, урҭ ирықәныҟәоит
Смырԥҳа: ақыҭақәа шьақәҳаргылар, аҿар алҵны ицалом