Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смырԥҳа: ақыҭақәа шьақәҳаргылар, аҿар алҵны ицалом

© Foto / Алла СмырАлла Смыр
Алла Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟәланырхәатәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Алла Смырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ашкол аҿы иҟамыз аизарҭатә зал маҷ аиҭашьақәыргылара шалыршахаз атәы.
Смырԥҳа: ақыҭақәа шьақәҳаргылар, аҿар алҵны ицалом

"Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ ҿыцны иаартын, аха иара нагӡаны иҟаҵамызт. 26 шықәса раахыс иҳамамызт ацхыраара, ашкол аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы ахьеиҿаҳкаауаз ауадабжьараҿы акәын. Аизарҭатә зал ҟарҵарцаз ақыҭанхамҩатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы иҟоу апроект схы аласырхәит. Асоциалтә хырхырҭа змаз сыпроект адгылара аиуит, иҳауит агрант аизарҭатә зал маҷ аҟаҵаразы", - азгәалҭеит Смырԥҳа.

Ҟәланырхәатәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор лажәақәа рыла ашкол аҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп, аха уи зыхҟьоугьы ахыбра иахәҭоу аҭагылазаашьа ахьамам ауп. 

"Ақыҭаҿы иҟоуп ҩ-школк. Иахьазы ҳашкол аҿы аҵара рҵоит 25-ҩык ахәыҷқәа. Жәеиза класск рҟынтәи иаартуп ф-класск. Сынтәа иаҳҳәап, иҳамоуп актәи акласс, уа х-ҩык аҵара рҵоит, аха иҳамаӡам аҩбатәи акласс. Ахәыҷқәа рмаҷхара зыхҟьоу аҭаацәа егьырҭ ашколқәа рахь иргоит, иаҳа аҭагылазаашьа ахьыбзиоу. Арҵаҩцәа ракәзар, ҳашкол аҿы амаҭәарқәа зегьы ирхысуеит. Ашкол аҭагылазаашьа бзиахар, аԥхарра ҟалар, ҳаргьы ҳусмҩаԥгатәқәа рыла ахәыҷқәа ргәы ҳкыр, урҭ ааилоит. Ақыҭа шьақәҳаргылар, аҿар алҵны ицалом", - ҳәа азгәалҭеит Смырԥҳа.        

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0