Ичмазаҩу уаҩ дыҟам: Аԥсны акоронавирус амазааразы рхы гәарҭеит аҽа ааҩык

Мшаԥы 27 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дылҩаан акоронавирус змаз апациент.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Ииасыз уахи-ҽни рыҩныҵҟа Аԥсны акоронавирус амазааразы рхы гәарҭеит ааҩык. Атестқәа зегьы уи мап ҳәа днарбеит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб.

Абасала иахьазы ареспублика иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа змоу уаҩ дыҟам.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи дылҩаан COVID-19 аҟынтәи ирхәышәтәуаз атәылауаҩ. мчыбжьык аԥхьа дылҩаан аҩбатәи апациентгьы.

Ахԥатәи апациент - 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс мшаԥы 26 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит. Мшаԥы 11 рзы адиагноз лзықәыргылан, аха лара ахәышәтәырҭахь ацара мап ацәылкит. Аамҭақәак рышьҭахь лҭагылазаашьа анеицәаха ауп ахәышәтәырҭахь даннаргаз.

Акоронавирустә инфекциа мшаԥымзазы ирыдбалан хҩык, ҩнык аҿы инхоз Гагра ауааԥсыра.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>